Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Дбари Сабекьиеи аҳауа аҽеиҭакреи ақыҭанхамҩеи реимадара иазкны

Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекьиеи Аекологиатә институт адиректори Роман Дбари арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит, аҳауа аҽеиҭакра ақыҭанхамҩа ишаныруа атәы, насгьы уи аҽақәыршәаразы иҟаҵатәу.
Sputnik
Дбар еиҭеиҳәеит ашықәсқәа ирылагӡаны аҳауа аҽшеиҭанакыз атәы. Илеиуа ақәа акырӡа иацлеит, ессаира ари аҭагылазаашьа џьбарахоит, уи ахала аҽаԥсахуеит ҳәа ақәгәыӷра аҭахым, зегьы ари аамҭа иашьашәаланы, ҳҽақәыршәаны азнеира ахәҭоу иазхәыцроуп, ҳәа иҳәеит аекологиатә институт адиректор.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекьиа иажәақәа рыла аҳаауа аҽеиҭакра ашәырқәа зегьы ԥырхага рнаҭоит. Ацәаакыра иахҟьаны ицәырҵуа ачымазарақәа ртәы иҳәеит. Аҭагылазаашьа аҽақәыршәаразы иахәҭоуп наукала иҭҵааны, ацәаакыра зычҳауа ашәырқәа рахь рыиасра, мамзаргьы иҳамоу ахкқәа ацәаакыра аԥырхагамхартә еиԥш аҟаҵара. Мап анакәха, ҳаалыҵ аџьармыкьаҿы ахыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа имаҷхо иалагоит ҳәа иҳәеит Сабакьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.