АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Урыстәылатәи аиҳабыра Урыстәылеи урыстәылауааи еиуеиԥшым ахеилакқәеи рганахьала зхымҩаԥгашьа атәыла иаҩызам ҳәа иԥхьаӡоу атәылақәеи адгьылҵакырақәеи рсиа ханырҭәааит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра апресс-маҵзура.
Асиа хадырҭәааит Гернси Мени адгьылбжьахақәа, дара Урыстәыла аганахьала Британиа ду иаланагалаз асанкциақәа ирыдгылоит, иара убас Багамтәи адгьылбжьахақәа, дара Центрбанки афинансқәа рминистрреи рыбжьара изакәызаалак аоперациақәа рымҩаԥгара аԥнакит.
Урыстәыла ахада хәажәкырамзазы инапы зҵеиҩыз аусԥҟа "Атәым кредиторцәа рҿаԥхьа анапынҵақәа рынагӡаразы аамҭалатәи аԥҟарақәа" инақәыршәаны, урыстәылауааи ахеилақәеи, аҳәынҭқарра ахаҭеи уи арегионқәеи рҿаԥхьа авалиутатә ҭакԥхықәра зду атәыла иаҩызам ҳәа иԥхьаӡоу атәылақәа руал мааҭла иршәаларц ишьақәыргылоуп.
Уахь иаҵанакуеит мызкы жәа-миллионк мааҭ иреиҳаны ашәарақәа змоу. Ауал зқәу урыстәылатәи абанк аҟны акредитор ихьӡала ахыԥхьаӡаранҵа ааиртуеит, аԥарагьы уахь иахыиԥхьаӡалоит.
Ари амчыбжь азы Урыстәыла иаҩызам атәылақәа рхыԥхьаӡара харҭәаахахьан – уахь иаҵанакит Грециа, Даниа, Словениа, Хорватиа, Словакиа. Уажәы уахь иахыԥхьаӡалоуп 50 ҳәынҭқарра инреиҳаныи адгьылҵакырақәеи. Иара убас 27 ҳәынтқарра Евроеидгыла иатәуп, ЕАА, Британиа ду, Украина, Австралиа, Албаниа, Андорра, Исландиа, Канада, Лихтенштеин, Микронезиа, Монако, Зеландиа Ҿыц, Норвегиа, Алада Кореа, Сан-Марино, Аҩада Македониа, Черногориа, Швеицариа, Иапония, Сингапур, Таиван.
Анаҩсгьы ари асиа харҭәаахар алшоит.