Аԥсны

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа"

Ацәыргақәҵаҿ иҟоуп жәаба инарзынаԥшуа еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа Владимир Воуба, Беслан Лашәриа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Адгәыр Ԥлиа, Сабина Кәарҷелиаԥҳа, Лаша Габелиа, Борис Ашәба, Елена Кәакәасқьырԥҳа, Диана Хынҭәԥҳа, Заур Мықәба уҳәа русумҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ԥхынгәы 25 рзы Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа".
"Аԥхынтәи агалереиаҿ" еицырдыруа ҳсахьаҭыхыҩцәа реиԥш аҿарацәагьы русумҭақәа рбара анаҩс раахәарагьы алшоит. Урҭ актуалра рыҵоуп лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
"Ацәыргақәҵа иахықәкуп ҳаамҭазтәи аҟазара хатә коллекциак ма корпоративтә коллекциак иахәҭакушәа аарԥшра, заахәара алшо аусумҭақәа ҵакырак аҿы дырбара", - лҳәеит лара.
Аусумҭақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иҭыхуп – аҿыханҵа, аграфика, аҩычага-хархәаратә ҟазара. Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, аекспозициа есымчыбжьа идырҿыцуеит.
1 / 5

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа"

2 / 5

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа"

3 / 5

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа"

4 / 5

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа"

5 / 5

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа"

Ацәыргақәҵа алахәыла, асахьаҭыхыҩ қәыԥш Елена Кәакәасқьырԥҳа Аҟәатәи апеизажқәа рыграфика аҭааҩцәа ирыдылгалеит.
"Аҟәа архитектура уникалтәуп, еиуеиԥшым, ирацәоуп аҭоурыхтә хыбрақәа, аргыламҭақәа. Уааҟәымҵӡакәа аҭыхра угәы аҳәоит", - лҳәеит Елена иагьазгәалҭеит асеиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа аҿар рҟазареи рҟыбаҩи аадырԥшыртә алшара шырнаҭо.
Ацәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа" нанҳәа 29 рҟынӡа иаартызаауеит.
Аԥсны
Аҟәа ҩ-цәыргақәҵак аатраны иҟоуп