Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит шаҟа акоронавирус хҭыс ҿыц аарԥшу

Аекспертцәа иазгәарҭоит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц шдәықәлаз, аха уи амҽхак акыр идууп ҳәа рызҳәом.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Ԥхынгәы 19-25 ирыбжьанакыз аамҭазы Аԥсны иаарԥшуп 38 коронавирус хҭыс ҿыц, абри атәы аанацҳаит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп быжьҩык ачымазцәа.
Уаанӡа Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аҳәамҭа ҟаиҵахьан акоронавирус аҽазныкгьы ицәырҵит, уи Аԥсны изавымсит ҳәа, ауааԥсыра иргәалаиршәеит ареспублика араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы аус шыруа ПЦР-анализқәа рыҭарҭақәа, Аҟәа - аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи ахәыҷтәы поликлиникеи рҿы.
Аԥсны
Едуард Быҭәба: ковид ацәқәырԥа ҿыц Аԥсны завымсит
Уи адагьы, аминистр иҳәеит акоронавирус аҟынтә алаҵа шҿарҵаз, уажәазы иҟоу аҭагылазаашьала шықәсыбжак ахь знык алаҵа ҟарҵалароуп.
Аекспертцәа иазгәарҭоит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц шдәықәлазгьы, уи амҽхак акыр идууп ҳәа рызҳәом.
Аҳақьым-иммунолог, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владислав Жемчугов аҳәамҭа ҟаиҵеит авирус ахкы егьырҭ уаанӡа иҟаз ахкқәа наҟ инаскьаганы рҭыԥ ааннакылоит.
Аиммунолог еиҭеиҳәеит COVID-19 ацәқәырԥа ҿыц аҷыдарақәа