Ҵнариа еиҭеиҳәеит акәара хәыҷы Лабаа ҳәа ззырҳәо Ҭоумышь иахьалало аҭыԥ аҿы ацҳа шыҵнаӡәӡәааз, ауааи амашьынақәеи зымҩамсуа ишыҟалаз атәы. Кәтол ақыҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо иҳәеит, уа ааигәа 40 ҭӡы шынхо.
Гиви Ҵнариа иазгәеиҭеит 3 машьынак ахаҳә ааганы аӡы иагаз амҩа шыдҭырҭәааз. Амашьына ықәсуа иҟаҵоуп иахьазы, аха аӡы ацарҭа ырҭбаатәуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Иҟалаза аҭагылазаашьа, Дӷамшь мхыҵырцаз иҭаԥсаз ахаҳә ҵнаӡәӡәааит. Даҽа знык аӡы хыҵыр, ашәарҭара ду ҟанаҵоит. Ари зегьы аиҳабыра идырбан. Араион амч ала арҭ аусурақәа зегьы рымҩаԥгара алыршахаӡом. Аинвестпрограммала инагӡатәуп. Апроблема акыр аамҭа ахыҵуеит, иацы-иахьа ицәырҵыз ак акәӡам. Уаанӡа ахырӷәӷәарҭақәа иҟарҵахьаз ҳахәон, аха уажәшьҭа иамыхәеит", - иҳәеит Ҵнариа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.