АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. 50 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ Борис Тупикин Аԥсны ашьхараҿы дыӡит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Тупикин аҵыхәтәаны дырбеит Ԥсҳәы ақыҭан ԥхынгәы 15 рзы.
Аԥшааҩцәа хымш ҵуеит ишьҭоижьҭеи, аха илҵшәадоуп. Адырра рыҭоуп ааигәатәи ақыҭақәа руааԥсыреи ашәарыцацәеи.