Аԥсны

Ҩыџьа Аԥсны атәылауаа 270 нызқь мааҭ инареиҳаны ирӷьычит ҳәа иааныркылеит

Иӷьычыз абанктә хсаалагақәа рҟынтәи аԥара рацәаны иҭыргеит ҩыџьа ҳтәылауаа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Аҟәа инхо Алмасхан Учааи Кындыӷ инхо Роланди Ӷәынџьиеи аанкылан атәым мазара рӷьычит ҳәа ахара рхараҵан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аҟәа адәқьанқәа руак аҿы Учааи Ӷәынџьиеи аԥҳәыс лшәыра иҭыргеит 1400 мааҭи апин-кодқәа зцыз абанктә хсаалагақәа ҩбеи. Ахсаалагақәа ирнырхит 273 240 мааҭ.
Агәызҩара ззыҟоу Агәыӡера иаанкылан, ирӷьычыз ахәҭак рымхын.
Учааи Ӷәынџьиеи рганахьала ашьаусҭҵаара иаҿуп Аҟәа ААР аусҭҵааратә ҟәша.