Аԥсны

Рашәарамзазы Аԥсны атауареикәыршара ԥшь-миллиардк мааҭ иартәеит

Иҳаҩсыз ашықәс алҵшәақәа рыла атауареикәыршара 36 миллиард мааҭ иартәеит, урҭ рахьынтә 29 миллиард аҳәаанырцәынтәи иаагоу атауарқәа иазнеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Рашәарамзазы Аԥсны атауареикәыршара ԥшь-миллиардк мааҭ иартәеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.

Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны атәылаҟны атауареикәыршара 659 млн 800 нызқь мааҭ рыла еизҳаит.

Аҳәаа иҭыган ирҭиуа атауар еизҳаит 59 млн 600 нызқь мааҭ рыла. Зынӡа аекспорт ахь идәықәҵоуп 496 млн 600 нызқь мааҭ рыхә атауар.
Зынӡа аҳәаанырцәынтәи иаагоу атауарқәа рыхә иартәеит 3 миллиардки 440 млн 400 нызқь мааҭ, арҭ арбагақәа- 600 млн 200 нызқь мааҭ рыла еиҳауп, 2021 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа.
Уи аԥхьа Аԥсны анапхгараҟны ирҳәахьан, 2022 шықәсазы аимпорти аекспорти рырбагақәа шеизҳаз, 2021 апандемиа шықәса аасҭа.