АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра Аҟәеи Москвеи реизыҟазаашьақәа ирықәшәоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
"Аиқәшаҳаҭра аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа, аусеицуреи астратегиатә ҩызареи шьаҭас измоу, Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа ринтересқәа ирықәшәо иҟоуп", - иҳәеит аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аҭо.
Ауаажәларра рҿы аимак-аиҿак зхылҿиааз ари аиқәшаҳаҭра аганахьала, адипломат Аԥсны ахадеи аԥыза-министри Апарламент аҿы ашәҟәқәа рышьақәырӷәӷәаразы иҟарҵаз ааԥхьара дшадгыло иҳәеит.
Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын 2022 шықәса ажьырныҳәамза.