Аԥсны

Урыстәыла атәылауаҩ даҳшьуеит ҳәа иқәмақаруаз Аԥсны атәылауаа рус аӡбарҭахь ирыҭоуп

Ахара здырҵо рганахьала аӡбамҭа рыдыркылеит аусҭҵааҩ изин ада атәыла иалымҵразы, ианаамҭоу аусмҩаԥгарахь инеиларц, ашьаусҭҵаара иаԥырхагамхаларц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аҟәа араион апрокуратура аӡбарҭахь инанашьҭит хҩык атәылауаа рганахьала Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 113 иаҵанакуа ашьаус (ашьразы ақәмақарра ма агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭара). Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

С.Ҭарба, Р.Адлеиба, А.Арӡынба нас зхаҭара шьақәыргылам даҽаӡәы ԥхынгәы 4 рзы урыстәылатәи атәылауаҩ С.Сонин имашьына иаԥырагыланы иааныркылеит, иара дыршәаны, амашьына дҭыганы дара рмашьынахь диаргеит атапанча иҿакны, анаҩс Алада Ешыра шыҟаз дыргеит.

Сонин уа акраамҭа мчыла идыҳәарц иаҿын избан иара ариаҟара аамҭа ари аҭыԥ аҿы дзыҟаз. Сонин абри аан иԥсҭазаара дацәшәартә дҟалеит.
Уаанӡа Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит амилициа аусзуҩцәа Алиас Гәниа, Альберт Хутов, Роман Ҟалӷьы, Денис Чаабал рганахьала Сонин дахьыргаз аҭыԥ ахь инеиз, аха аус иахьазхьамԥшыз, ацәгьоуцәа рмашьына иахьашьҭамлаз азы.
Аԥсны
Ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа рҭакԥхықәрадараз ашьаус хацыркуп