Урыстәыла Жәларбжьаратәи акосмостә станциаҟынтә иқәҵуеит

Иури Борисов "Роскосмос" анапхгаҩыс дҟаҵан ԥхынгәы 15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. 2024 шықәса инаркны Урыстәыла Жәларбжьаратәи акосмостә станциаҟынтә иқәҵуеит, уи аԥхьа аҳәаанырцәтәи апартниорцәа рҿаԥхьа ахыдҵақәа зегь нагӡаны, абри атәы иҳәеит "Роскосмос" ахада ҿыц Иури Борисов Владимир Путин изирхиаз аҳасабырбаҿы.
"Шәара ижәдыруеит жәларбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Жәларбжьаратәи акосмостә станциаҟы аусура шымҩаԥааго. Ҳәарада, аҳәаанырцәтәи ҳпартниорцәа рҿаԥхьа ҳхыдҵақәа зегь наҳагӡоит, аха астанциа 2024 шықәса инаркны аҿыҵраз аӡбра ҳадкылоуп", - иҳәеит Борисов.
Иара иажәақәа рыла ари аамҭазы урыстәылатәи аорбиталтә станциа аусура еиҿкаахоит.
Борисов иҳәеит ԥхьаҟатәи урыстәылатәи акосмонавтика аԥеиԥш ишәоу-изоу аҭҵаарадырратә программа шьаҭас иамазароуп, аԥыррақәа зегьы акосмос аусхк аганахь ала адыррақәа аадырԥшыртә еиԥш.