Аԥсны

Аҳәынҭкомиссиа Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымшныҳәа амҩаԥгара аплан шьақәнарӷәӷәеит

Есышықәса нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27– Sputnik. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа инапхгарала имҩаԥысит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Рымшныҳәа 30 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аиҿкаараз Аҳәынҭкомиссиа аилатәара. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Акомиссиа алахәылацәа рыӡбарала, абри аҽны еиҿкаахоит атематикатә фотоцәыргақәҵа, Гәдоуҭа имҩаԥгахоит амитинг, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны еиҿкаахоит ауснагӡатәқәа.

Акомиссиа алахәылацәа ишьақәдыргылеит ааԥхьара змоу рсиа. Уи иалахәуп Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Ҟарачы-Черкесиатәи Ареспублика, Ареспублика Адыгеиа, Чечниа, Нхыҵ Уаԥстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, аказақцәа руаажәларратә еиҿкаарақәа.
Нанҳәа 14 рзы аибашьра алагара 30 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызку ауснагӡатәқәа нанҳәа 13 - 17 рзы имҩаԥгахоит.
Аибашьраан еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи Аԥсныҟа иааны еибашьуан 2 000-ҩык рҟынӡа. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык – "Агәымшәараз" амедал. Иҭахеит 260-ҩык.
Раԥхьаӡа акәны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш азгәаҭан нанҳәа 15, 2012 шықәсазы. Абри аҽны ареспубликаҿ есышықәса имҩаԥысуеит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.