Аԥсны

Инал Арӡынба Москваҟа дцеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Москва атәыла аҳәынҭусбарҭақәа рхаҭарнакцәа дырԥылараны дыҟоуп аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы аиҿцәажәараз.
Уаанӡа еилкаахеит Москваҟа дышцаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы.