Арадио

Касланӡиаԥҳа абиԥарақәа рԥышәа аимдаразы: рабжьгарақәа рҟнытә иалугаша рацәоуп

Аҿарацәа рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәыла Сариа Касланӡиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аҿар раԥхьаҟатәи рыԥсҭазаараҟны иҿырԥшыган иҟаларц абыргцәа ирымардо аԥышәа.
Sputnik
Аԥсны абыргцәеи Аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" алахәылацәеи еиԥылеит ԥхынгәы 26 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы. Аиԥылара мҩаԥган аҿар раԥшьгарала.
Сариа Касланӡиаԥҳа арадиоефир аҿы иазгәалҭеит, аиԥылараҿы зҵаара хаданы ишышьҭыхыз аԥсуа бызшәа атема.
"Аҿар ҳабжьара иаҳԥылоит абызшәа иадҳәалоу ауадаҩрақәа. Аиҳабацәа ргәаанагара ҳаҳар ҳҭахын уи аганахьала", - лҳәеит Касланӡиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аиԥылара иалахәу аҿарацәа абжеиҳарак аԥсшәа еилыркаауеит, аха ацәажәара ауадаҩрақәа рзацуп.
"Еиҳабу абиԥара рхәыцрақәа, рабжьгарақәа рҟнытә иалугаша рацәоуп. Абыргцәа ражәа ҳазхәыцны, анаҩс ҳара аус адуланы ԥхьаҟа ҳцалароуп", - ҳәа азгәалҭеит аҿар рассоциациа алахәыла.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.