Аԥсны

Аминистрцәа 2023 шықәсазтәи асоциал-економикатә ҿиараз Аиндикативтә план рыдыркылеит

Атауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа рыҿиара 126 миллиард мааҭ артәоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаара 2023 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аиндикативтә план рыдыркылеит.
Атауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа рыҿиара 125,9 миллиард мааҭ артәоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп. Ақыҭанхамҩа аминистрра - 10,4 миллиард мааҭ, адәныҟаекономикатә усура – 41,3 миллиард мааҭ.
Арҭ ҩ-усхк рыда иазыԥхьагәаҭоуп 74,8 миллиард мааҭ. ари 37,3% рыла 2022 шықәса аасҭа еиҳауп, 25,2% 2021 шықәса аасҭа еиҳауп.
2023 шықәсазы аекономика аусхкқәа зегьы рзеиԥш хышәаҵышәа 5,3 миллиард мааҭ ҳәа иазыԥхьагәаҭоуп. Ари 23,7% рыла 2022 шықәсатәи арбагақәа иреиҳауп, 30,6% рыла 2021 шықәсатәи арбагақәа иреиҳауп.
Аиҳарак рыҵанакуеит ахәаахәҭра - 60%, ааглыхра - 10%, атуризм – 9%, аимадара – 4%.