Аԥсны

Аминистрцәа Реилазаара иреиҵаӡоу аџьахә ашәагаа еиҭаркит

Мшаԥымзазы Аԥсны Апарламент Аџьатә Закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит, уи инақәыршәаны аџьахә Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнаргылоит, аусуралшара змоу ауааԥсыра рыхныҟәгага еиҵа аасҭа илаҟәымкәа (8529,2 мааҭ хәажәкыра 1 азтәи арбагала).
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаара иреиҵаӡоу аџьахә ашәагаа ашьақәырӷәӷәаразы ақәҵара рыдыркылеит Аџьатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 122 инақәыршәаны.
Ақәҵара аусура иалагоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны, иреиҵаӡоу мызктәи аџьахә 10 000 мааҭ итәоит.
Аԥсахрақәа аҵанакӡом аҳәынҭқарратә мчреи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәеи, иара убасгьы ареспублика абиуџьеттә системаҟынтә аԥаразоужьра ззыҟарҵо абиуџьеттә усҳәарҭақәа.
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрреи Афинансқәа рминистрреи 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 азынӡа иазырхианы Аминистрцәа Реилазаара иаднагалароуп аныхрақәа рԥаразоужьра алзыршо аҵаҵӷәқәа аҳәынҭқарратә мчреи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәеи, иара убасгьы ареспублика абиуџьеттә системаҟынтә аԥаразоужьра ззыҟарҵо абиуџьеттә усҳәарҭақәа рҟны иреиҵаӡоу аџьахә ашьҭыхразы.