Аԥсны

Аԥснытәи акоманда ашьапылампыл азы Сириус имҩаԥысуа атурнир иалахәхоит

Ашьапылампыл азы жәларбжьаратәи атурнир "Сириус ахраҿа — ImSport" мҩаԥгахоит нанҳәа 17 - 22 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи акоманда ашьапылампыл азы Сириус имҩаԥысуа атурнир иалахәхоит, абри атәы иҳәеит ашьапылампыл азы Аԥсны афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба.
"Атурнир ахь 2012 шықәсазы ииз аспортсменцәа ҳашьҭырц ҳаӡбеит. Командак акәымкәа, еизгоу акоманда ҳашьҭуеит. Уажәы азыҟаҵаратә штаб аиҿкаара ҳаҿуп. Урҭ иреиӷьу ахәмарҩыцәа алрыԥшаароуп. Хықәкны иҳамоу ҳахәмарҩыцәа рбарц ауп. Атурнир иалахәоит Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан рыклубқәа. Ихадароу ҳхәыҷқәа рхы аадырԥшыр рылшоит. Иҟалоит егьырҭ аклубқәа рахь анаԥхьара роургьы", - иҳәеит иара.
"Сириус ахраҿа — ImSport" мҩаԥгахоит афедералтә ҵакыраҿ нанҳәа 17 - 22 рзы. Иалахәхоит 600-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа, 2010 - 2012 шықәсқәа рзы ииз, Урыстәыла, Белоруссиа, Лугансктәии Донецктәии Жәлар рреспубликақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.
Аицлабра аихшьаалақәа рыла еилкаахоит- "Акоманда иреиӷьу ахәмарҩы", "Аматч иреиӷьу ахәмарҩы", "Атурнир иреиӷьу ахәмарҩы" аноминациақәа рылагьы.