Аԥсны аҳәаа иахысуа атауареикәшара есымза еиԥшӡам, зны еиҳахоит, зны еиҵахоит, уи зыхҟьо ашықәс аамҭеи асезонтә тауарқәа аҳәаа рахыгареи ауп ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.
Ари ашықәс рашәарамзатәи атауареикәшара атәы ҳҳәозар, ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа сынтәа еиҳахеит 20% рыла лҳәеит аҳазалхратә еилакы аусзуҩы. Адәныҟатәи атауареикәшара аизҳара еиҳарак изыбзоурахаз ари аамҭазы Аԥсны аимпорт аҳасабала иҭагалаз атауарқәа роуп, аимпорт еизҳаит рашәарамзазы 21% рыла, аекспорт -14% рыла, азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.
"Ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазтәи адәныҟатә тауар атәы уҳәозар, иазгәаҭатәуп сынтәатәи арбага 17 миллиард рҟынӡа ишынаӡаз, уи 12% рыла еиҳауп ҵыԥхтәи иаҿурԥшуазар. Ҳәарада, аизҳара зыбзоуроу аимпорт аҳасабала иҭаргало еиуеиԥшым атауарқәа роуп. Иаҳҳәап: еиуеиԥшым афатәқәа, абылтәы, ахәшәқәа уҳәа ихадоу атауарқәа", - ҳәа азгәалҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы астатистикеи анализ аҟаҵареи аусбарҭа аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа.
Хадаратәла Аԥснынтә аҳәаанырцә ицо атауарқәа ртәы далацәажәо, илҳәеит урҭ раӷьырак ақыҭанхамҩатә аалыҵ шаку.
"Аекспорттә тауарқәа ҳазҭоу ашықәс азбжазы рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, зегьы раԥхьа иргыланы ашәыр, аҩы, араса, ацха, ашәҭқәа, аԥсыӡ, аԥсыӡ шыла. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы аекспорттә тауарқәа рсиа иаҳа аҽарҭбааит, Аԥснынтә идәықәырҵо иалагеит аҵыҵындра, амаахыр, аиаҵәара, еиуеиԥшым ауҭраҭыхқәа. Ихадоу адәныҟатә хәаахәҭыҩцәас иҳамоу Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи роуп. Атауарқәа 90% ахьцо Урыстәылаҟа ауп, Ҭырқәтәылаҟа ицоит: аԥсыӡ, аԥсыӡ шыла, аихалых, амҿлых уҳәа егьырҭ атауарқәа", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Асида Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи хәышықәса рырбагақәа рыла, 2014 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарра атауареикәшара 18 миллиард мааҭ рҟынӡа иҟазҭгьы, иаҳхысыз 2021 шықәсазы 36 миллиард рҟынӡа инаӡеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.