Аԥсны

Ҩыџьа урыстәылауаа Аԥсны аҳәаа закәаншьаҭада анаркотикқәа рахгаразы ахара рыдырҵоит

Ахацәа ҩыџьа 83 грамм аметадон аҳәаа ахгара рҽазыршәон.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Адлертәи араионтә ӡбарҭа азыӡбала ҩыџьа урыстәылауаа Аԥсны аҳәаа закәаншьаҭада анаркотикқәа рахгаразы ахара рыдырҵоит, абри аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә АУ апресс-маҵзура.

1996 шықәсеи 1997 шықәсеи рзы ииз ҩыџьа ахаҿқәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа алалара рҽазыршәон аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала.

Ианааныркыла ирыдырбалеи 245 еилаҳәара метадон зҭаԥсаз ашампун аҭра. Анаркотик азеиԥш капан 83,14 грамм иҟан.
25 шықәса зхыҵуаз ахаҵа 12 шықәсеи ҩымзи бахҭала ихигароуп, 26 шықәса зхыҵуа - 10 шықәсеи мызки.