Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Чачхалиа Тарас Шамба изкны

Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба еиԥш иҵаулаз иԥшаара уадаҩуп, ҳәа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы дигәалаиршәеит ашәҟәыҩҩы, ҳаҭыр зқәу аԥсуа Академиа адоктор Денис Чачхалиа.
Sputnik
Ԥхынгәымза 29 рзы диит еицырдыруа Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба. Иахьа иԥсы ҭазгьы ихыҵуазаарын 84 шықәса.
Тарас Шамба — Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи ахәаахәҭра-економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс ацхантәаҩы.
1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа.
"Убриаҟара уаҩык иаҳасабала дхаҭәаан Тарас Мирон-иԥа, акгьы ацҵара аҭахӡам. Зегьы акака ҳагуп, аха иара даара дҵаулан. Еиԥш аҩызара ныҟәызгоз ауаҩы иԥшааара даара ицәгьоуп. Дхаҵгылаҩ бзиан ԥсуаҵас", - иҳәеит Чачхалиа.
Ашәҟәыҩҩы иара убас дазааҭгылеит Тарас Шамба ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩык иаҳасабала илагала атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.