Аԥсны

Атуризм аминистр еиҭеиҳәеит ԥхынгәымзазы Аԥсны асасааирҭақәа ахьынӡаҭәу атәы

Урыстәылатәи атуристтә маҵзурақәа Аԥсны аамҭа-аамҭала еиҳа урыстәылаа аԥсшьараз иалырхуа аҭыԥқәа ирыҵаркуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Ԥхынгәымза агәазы Аԥсны асасааирҭақәа 70-100% рыла иҭәуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
Убри аан иара иҳәеит уи асасааирҭақәа ахьыҟоу аҭыԥ ишадҳәалоу.
"Ашықәс зегьы аԥсшьаҩцәа аднакылартә иахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы шә-процентк иҭәуп", - иҳәеит иара.
Аминистр иазгәеиҭеит рашәарамзаз путиовкала рымаҵ шуз 49 000-ҩык.
"Ашықәс иалагазар, путиовкала аԥсшьараз иаахьеит 150 000-ҩык", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Хышба иажәақәа рыла, 2022 шықәса аԥхынразтәи аҿаҵарақәа 77,2% иҟан. Цәыббрамзазы бжьаратәла 40-45% аномерқәа заанаҵы иҿаҵоуп. Убри аан аԥхынра алагамҭаз ҵыԥх аасҭа аҭаххарақәа 30-40% рыла еиҵан.
Аԥсны
Аԥхын зегьы аԥснытәи асасааирҭақәа ҭәызаауеит ҳәа азԥхьагәеиҭоит аусеилкааҩ