"Урыстәыла асанкциақәа раԥыхразы, афатә бџьарҵас ахы иархәаны, адунеи амлакра иҭанаргылоит", - абас зымҳәо дмаҷуп аҵыхәтәантәи аамҭазы. Убри аан Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Еиду Амилаҭқәа реидгыла урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкрақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази аилаӡара рнапы еицаҵарҩит. Аҭагылазаашьа еилҳаргон арадиостудиаҿы. Sputnik асасцәа еиҭарҳәеит ачарыц азҵаара аполитикатә ҟазшьа зауиз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.