Аԥсны

Тарас Шамба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысит

Тарас Шамба 25 шықәса инареиҳаны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анапхгаҩыс дыҟан. Илагала дууп Аԥсни Нхыҵ Кавказ ажәларқәеи реимадаразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik, Бадракҟ Аҩӡба. Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьаз Тарас Шамба диижьҭеи 84 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥаз мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, Аҟәа.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иҳәеит иара изы кыр шаҵанакуа аԥсуа жәлар инарылукааша рԥа, ауаҩы ҿырԥшыга игәалашәара анаӡаӡатәразы еиҿкаау акомиссиа анапхгара ахьаиҭо.
"Аԥсны еснагь ииуан заԥхьаҟа зыхьӡ атәыла анҭыҵ иалаҵәоз, зыжәлар рымаҵ аура хықәкны ишьҭызхуаз ауаа. Урҭ дыруаӡәкуп Тарас Мирон-иԥа Шамбагьы", - иҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Тарас Шамба зхаҭара ҳаракыз уаҩԥсын, ахара инаԥшуаз политикын, иԥышәеи идырреи Аԥсны реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы ахархәара рыман ҳәа азгәеиҭеит иара.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иаашьҭымҭа шәҟәы атекст даԥхьеит. Уа иазгәаҭоуп Тарас Шамба азиндырраҿы ирҿиамҭақәа Аԥсны, Урыстәыла, урҭ рынҭыҵгьы ибзианы ишырдыруа.
"Дзыцәхьамҵуаз иԥсҭазааратә ҟазшьақәа, иуаажәларра-политикатә хьӡы-ԥша алшара инаҭон ауаатәыҩса рыбжьара адагьы, ажәларқәа рыбжьарагьы аиҩызареи аилибакаареи рыцҳақәа рыхҵара. Тарас Мирон-иԥа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа рымаҵ аура иазикит иԥсҭазаара аиҳарак, иусумҭақәа зегьы ирныԥшуеит иԥсадгьыл ахь имаз абзиабара ду", - иҳәеит Гыцба.
Аԥсны
Тарас Шамба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥысит
Ахәылԥаз аҟны дықәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Иара иҳәеит Тарас Шамбеи иареи Москва ишеиқәшәалоз, еснагь ишџьеишьоз аԥсҭазаарахь иааирԥшуаз абзиабара, игәыҭбаара.
"Убасҟан исызцәырҵит агәаанагара- Тарас Мирон-иԥа- иреиӷьӡоу аԥсуаа рҟазшьа ҷыдақәа иманы дшыҟаз. Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Тарас Мирон-иԥа иԥсҭазаара зегьы ззырхаз Аԥсны ажәлар, Асовет Еидгыла, Урыстәыла рыбзазара аиӷьтәра шакәыз. Уи ус шакәыз шаҳаҭра ауеит иахьа абра Черкесск ахаҭарнакцәа – урыстәылаа рыҟазаара", - иҳәеит адипломат.
Иара иазгәеиҭеит Тарас Шамба Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа арӷәӷәареи арҿиареи рҿы ироль шшьардоу.
Тарас Шамба диижьҭеи 84 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥаз еиҿыркааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсны Акультура аминистрреи.
Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит Москва жьҭаара 13 рзы.
Тарас Шамба — аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны ҭҵаарадырратә усумҭа дравторын, СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа. Ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".