Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ар арратә техника рынаҭеит

Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ар арратә техника рынаҭеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Атехника аҭара ацеремониа мҩаԥысуан Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны. Иара далахәын ареспублика ахада Алан Гаглоев, Атәылахьчара аминистр ин.н. Владимир Пухаев, Аштаб хада аиҳабы Виктор Федоров, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Марат Кулахметов.

"Ҳара Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара пату ақәаҳҵоит, изыԥсогьы аадыруеит. Азеиԥш ҭоурыхи иаҳзеиԥшу иахьатәи амши ҳамоуп. Анцәа иҳәааит Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи аҭынчра ыҟазарц. Агәра згоит ҳусеицура еиҳау аҩаӡарақәа ишрызнеиуа. Иҳауз атехникагьы ишахәҭоу ала ахы иархәахоит ахьыԥшымреи ашәарҭадареи рыхьчаразы", - иҳәеит Алан Гаглоев.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы Урыстәыла еснагь ацхыраара ишазыхиаз, иахьа ареспублика Урыстәыла иадгыланы Донбасс аиашара ахьчоит ҳәа.
Ауснагӡатә аҟны урыстәылатәи аилахәыра "Мясищев-Техсервис" ахаҭарнакцәа, атәылахьчаратә усбарҭаз автомашьынатәи акәылӡтәи техника аремонт азы атехникатә маҵзура ахьымҩаԥырго аҭыԥ зыргылаз, аобиект атәыла ахада идырбеит, еиҭарҳәеит атехника атактика-техникатә ҟазшьақәа.