Ақыҭатә командақәа рыбжьара ашьапылампылтә турнир иалахәуп жәаҩа команда. Ахәмаррақәа хацыркын ԥхынгәы 23 рзы. Афиналтә хәмарра мҩаԥгахоит нанҳәа 7 рзы.
Ашьапылампыл аветеран Роман Цкәуа арадиоефир аҿы еиҳәеит акомандақәа рҿы ишыҟоу аҿар, урҭ ибзианы рхы аадырԥшыр, анаҩс асуперлига аҟынтә игәарҭар шрылшо, Урыстәылаҟа иақәшәаргьы ҟалоит.
Ҷлоутәи акоманда азыҟаҵаҩы Геннадии Џьопуа иҳәеит иахьа ақыҭан ҩ-командак еизугартә ишыҟоу. Аҿар ирҭахуп ахәмарра, аспорт еснагь ргәацԥыҳәон ҳәа азгәеиҭеит иара. Џьопуа еиҭеиҳәеит ақыҭан ашьапылампылтә дәы шыҟарҵо, ахәыҷы инаркны аду иҟанӡа зегьы махәҿала аус руан ҳәа инаҵишьит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.