Аԥсны

Абокс азы Аԥсны еизгоу акоманда Пицунда аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Абоксиорцәа рҽазыҟарҵоит ԥхынгәы 15 инаркны ҩымчыбжьа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсны абокс азы еизгоу акоманда аспортсменцәа ихдыркәшеит аҵара-ҽазыҟаҵаратә ҽеизгарақәа актәи ретап апасионатқәа реидгыла "Акурорт Пицунда" аҿы, абри атәы аанацҳауеит Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Аҽеихгарақәа ирылахәын 18-ҩык абоксиорцәа атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтә, урҭ ақәратә категориақәа хԥа ирыҵаркуан - 2008, 2009, 2010 шықәсақәа рзы ииз.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аԥсны азыҟаҵаҩ хадацәа рнапаҵаҟа: Аслан Ахбеи Едуард Депелиани, урҭ рыцхырааҩцәа - Елызбар Џьологәуеи азыҟаҵаҩцәа еиҳабацәа Едгар Қриеи Саид Смыри.
Актәи аетап аан абоксиорцәа рзы аҟазаратә-классқәа мҩаԥыргеит ажурнал "Про Бокс" аверсиала Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгылеи аславин тәылақәеи рчемпион ититул змоу Баҭал Ҷежьиеи жәларбжьаратәи акласс иатәу аспорт азҟаза, адунеии Европеи акадетцәа рыбжьара ачемпион, Аԥсны Абокс афедерациа ахада Давид Аршбеи.
Аҽеизгарақәа аҩбатәи ретап иалагарц ргәы иҭоуп нанҳәа 12 рзы.