Косово аҩадатәи араионқәа рҿы агәҽанҵаратә сигналқәа рыбжьы геит

Иацы иҳәынҭқарроуп ҳәа зхы рылазҳәаз Косово аиҳабыра адырра ҟарҵеит иара анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҿы ашәахьа инаркны Сербиа ирынаҭаз адокументқәа рымч шырцәыӡуа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Косово еиҳарак асербцәа ахьынхо аҩадатәи араионқәа рҿы агәҽанҵаратә сигналқәа рыбжьы геит, ауаа амҩақәа ршәаҳауеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа "Вечерне новости" адыррақәа шьаҭас иганы.
Амҽыша Сербиа ахада Александр Вучич итәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара иҳәеит хаз ҳәынҭқарроуп ҳәа зхала зхы рылазҳәаз Косово нанҳәа 1 ауха атәыла аҩадатәи ахәҭаҿы аоперациа ишалаго, сербтәи адокументқәа змоу ауааԥсыра алалара азин шрырымҭало, иара убас сербтәи аномерқәа ззықәгылоу амашьынақәа ирымхны, "Косово Ареспублика" аномерқәа шрырҭало. Вучич косовоалбантәи аиҳабырахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра еиларымгарц, ргәырҽаниҵеит Косово инхо асербцәа рганахьала ақәымчра аадырԥшыр, "Сербиа шаиааиуа".
Сербиа архәҭақәа аибашьра рҽазырхианы идыргылеит.
Иацы иҳәынҭқарроуп ҳәа зхы рылазҳәаз Косово аиҳабыра адырра ҟарҵеит иара анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҿы ашәахьа инаркны Сербиа ирынаҭаз адокументқәа рымч шырцәыӡуа, урҭ змоу ахаҿқәа ишрырҭало аамҭала атәыла алаларазы аилыркаага. Иара убас сербтәи аномерқәа ззықәгылоу амашьынақәа ирымхны, RKS "Косово Ареспублика" аномерқәа рыҭара иалагоит. Сербиа акәзар, RKS аномерқәа рҵакыраҿы иазхарҵаӡом. 2021 шықәса ҭагалан рнапы зҵарҩыз ҩганктәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, косоватәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы уи асимволика сербтәи агерби анбанқәа "КМ"-и рықәдырҷаблоит.