Шьалодиа Аџьынџьал: ашәҟәыҩҩцәеи иҭаацәеи рыгәҭа

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, адраматург, асатирик Шьалодиа Аџьынџьал нанҳәа 1 азы иԥсы ҭазҭгьы 90 шықәса ихыҵуазаарын.
Sputnik
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Шьалодиа Аџьынџьал диит 1932 шықәса рзы.
Шьалодиа Аџьынџьал иҩымҭақәа "Амзаҿа ангыло", "Иԥшьоу ажьира асаркьал" рыла акиностудиа "Мосфильм" аҟны иаԥҵан асахьаркыратә фильмқәа. 1978 шықәсазы ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны урыс бызшәала иҭыжьын Шьалодиа Аџьынџьал раԥхьатәи ишәҟәы "Корни".
Шьалодиа Аџьынџьал иԥсҭазаара далҵит 83 шықәса дшырҭагылаз нанҳәа 31 аҽны.
1 / 11

Шьалодиа Аџьынџьал Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рыгәҭа-Баграт Шьынқәба, Гьаргь Гәыблиа, Иван Ҭарба, Нели Ҭарԥҳа, Кәымф Ломиа, Шьалуа Ҵәыџьба.

2 / 11

Шьалодиа Аџьынџьал 2012 шықәсазы "Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы" ҳәа ахьӡ ихырҵеит.

3 / 11

"Амзаҿа ангыло" иалхны акиностудиа "Мосфильм" аҭыхрақәа аҵыхәтәантәи амш. 1977 шықәса. Арыӷьарантәи армарахь: Иван Ченгьелиа, актиор Амиран Ҭаниа, актриса Медеиа Ченгелиа, асценарист Шьалодиа Аџьынџьал, актиор Азиз Агрба, арежиссиорцәа Дмитри Коржихин, Иусуп Даниалов, оператор Роман Веселер. Ҵаҟа итәоуп: актиорцәа Алексеи Ермолови Ислам Казиеви.

4 / 11

Шьалодиа Аџьынџьали Нестор Лакоба ироль назыгӡози.

5 / 11

Шьалодиа Аџьынџьали Аԥснытәи АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеибеи.

6 / 11

Ҟабарда -Балкариа. Арыӷьарантәи армарахь: ашәҟәыҩҩы Шьоҭа Чкадуа, Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, ашәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал.

7 / 11

Шьалодиа Аџьынџьал 50 шықәса ихыҵра иқыҭа гәакьа Ԥақәашь ианазгәарҭоз. Ивара дгылоуп Аԥснытәи АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба.

8 / 11

Шьалодиа Аџьынџьали имоҭа Иннеи.

9 / 11

Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы Валериан Кобахьиеи ашәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьали.

10 / 11

Афильм "Амзаҿа ангыло" акинотеатр "Варшава" аҟны аԥхьарбара, 1980 шықәса, Москва.

11 / 11

Шьалодиа Аџьынџьал иҭаацәа рыгәҭа.