Аԥсны

Акәашаратә ансамбль "Адац" Санкт-Петербургтәи афестиваль аҿы актәи аҭыԥ аннакылеит

VIII Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Агәыӷра аԥрақәа" мҩаԥысит Санкт-Петербург ԥхынгәы 28 инаркны нанҳәа 1-нӡа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац" актәи аҭыԥ аннакылеит VIII Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Агәыӷра аԥрақәа" аҟны, абри атәы лҳәеит ансамбль азыҟаҵаҩ Елана Кәаӡԥҳа.

"Ҳколлектив ҩ-номерк – "анхацәа рыкәашареи", "аԥсуа кәашареи" ықәнаргылеит. Ахәаԥшцәа зегьы ҳрыларкааит. Ҳақәгылара ашьҭахь егьырҭ аколлективқәа рыкәашаҩцәеи разыҟаҵаҩцәеи ааины иҳадырныҳәалон, ҳдырҽхәон", - лҳәеит лара.

Кәаӡԥҳа илҳәеит гәдоуҭатәи ансамбль раԥхьаӡа акәны ари афестиваль ишалахәыз, ахәыҷқәа риааира ргәы шышьҭнахыз. Афестиваль-еицлабраҟны зҽалызкааз иранашьан ахраҿақәа, адипломқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.
Афестиваль "Агәыӷра аԥрақәа" иалахәын Урыстәыла арегионқәа 18 рҟынтәи акәашаратәи ашәаҳәаратәи ансамбльқәа, иара убас Аԥсни Ҟазахсҭани рҟынтәи аколлективқәа.