Ашьаусҭҵааратә еилакы аус хнартит Ҟрым, Амшын еиқәа афлот аштаб ашҭаҿ иҟалаз аԥжәараз

Уажәы Ашьаусҭҵааратә еилакы ахҭыс аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылоит, аӡбарҭа-медицинатә експертиза аус ауеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы арратә ҭҵаара аусбарҭа ашьаус хацнаркит Севастополь, Амшын еиқәа афлот аштаб ашҭаҿ ԥхынгәы 31 ауха аҭыԥ змаз аԥжәараз. Абри атәы аанацҳауеит Аилак апресс-маҵзура.
Ашьаус хацыркуп УА АЗ ахәҭаҷ 33 ахәҭа 3; ахәҭаҷ 105 апунктеиҵақәа "а", "е" иазыԥхьагәарҭо ацәгьоурала – азеиԥшшәарҭара змоу аҟазшьала ҩыџьа ма инареиҳаны рышьра аҽазышәара.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла ԥхынгәы 31 ауха аштаб аҵакыраҿы артҟәацгақәа рыла еиқәыршәаз аԥырҩы дызҭам ахархәага ԥжәеит.
Ԥсыҭбара ҟамлеит. Фҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп. Ааха аиуит ахыбра аԥхьатә хәҭа.
Абри амш иақәшәаз Урыстәыла арра-мшынтә флот Амш иазкыз аныҳәатә уснагӡатәқәа аанкылан ашәарҭадара алыршаразы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирплан Севастополь Амшынеиқәатә флот аштаб иеихсит