Испаниа ашоура иахҟьаны ҩ-нызқьҩык инареиҳаны иҭахеит

Ԥхынгәымзазы Пиренеитәи адгьылбжьахалаҿы атропикатә шоура шьақәгылеит, аҳауа 45-47°С иҟан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Испаниа ԥхынгәымзазы иҟалаз ашоура ӷәӷәа иахҟьаны ҩ-нызқьҩык инареиҳаны иҭахеит ҳәа азгәанаҭоит Карлос III ихьӡ зху Агәабзиарахьчаратә институт.
Ари ацентр астатистика ала ҵыԥх абри аамҭазы ашоура иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара ԥшьынтә еиҵан. Иҭахаз реиҳараҩык зықәра дузи иара убас 10-ҩык 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ахәыҷқәеи роуп.
Ԥхынгәымзаз Мраҭашәаратәи Европа аҳауа бааԥсхеит, ашоура 40°С инацны ихалон. Ари ациклон акраамҭа Испаниеи Португалиеи атәылақәа рыбжьара аҽышьақәкны иҟан.