Аԥсны

Изеиԥшрахозеи Лакоба иҩны амузеи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь

2021 шықәса абҵарамзазы аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит Лакоба имузеи аиҭашьақәыргылараз ахарџьынҵа аздырхиарц.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа апроект инақәыршәаны.

"Амузеи аиҭашьақәыргылара апроект 2012 шықәсазы аинтериертә проект нацҵаны ирыдыркылахьан. Уажәы аусурақәа ирҿуп. Ашықәс нҵәаанӡа инагӡахоит. Новосибирсктәи апроекттә еиҿкаара аинтериертә проект ҿыц аус адырулоит, уаанӡатәи ажәхьеит азы", - иҳәеит иара.

Шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа рышьҭахь ахархәара аҭахоит адизаин-проект. Аҩбатәи аихагылаҟны аекспозициатә залқәа ԥшьба ҟалоит. Уа Нестор Лакоба иԥсҭазаара иадҳәалаз аекспонатқәа цәыргахоит. Актәи аихагылаҿы – аҵәахырҭа, администрациа, 40 ҭыԥ змоу азал ҟалоит иҳәеит Тәанба.
"Ахыбра 18,5 х 12 метра иҟоуп (450 метр ԥшьыркца). Ашҭа маҷгьы еиҿкаахоит. Иҟалоит ашҭаҟынтәгьы амҩаду аҟынтәгьы аҩналарҭақәа", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аргылаҩцәа уажәы абжьараҭыӡқәа рышьҭыхра иаҿуп.
"Анаҩс хыбрак шаабац аиԥш аҭыӡқәа, адашьмақәа, аҭуанқәа, алашара анагара уҳәа мҩаԥгахоит. 2004 шықәсазы ахыбра адәныҟатәи ахаҿра шьақәыргылан, аԥхьанатә ишыҟаз аиԥш, усҟан изладыргылоз ақьырмыт аҩызаҵәҟьагьы ҳаԥшааит", - иҳәеит иара.
Ахыбра аиҭашьақәыргылара иазоужьуп 13 миллион мааҭ.
Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылаган ииасыз амчыбжь азы.
Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аԥҵан 1982 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь иаартын, амузеи аус ауит нанҳәа 1992 шықәсанӡа. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьыџьтәылатә еибашьраан амузеи рыблит, аха Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы архив зегь аиқәырхара алшеит.