АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы уахыки-ҽнаки рыла иаадырԥшит 160 коронавирус хҭыс, абри атәы аанацҳауеит арегион Аоперштаб.
Ичмазаҩхаз рахьтә шә-ҩык ҳәсақәоуп, 63-ҩык хацәоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ҩыџьа хәыҷқәоуп. Зегьы иреиҵбу мызкы ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 96 шықәса. Ихьанҭоу, аҳауаҭарсгатә аппарат иаҿактәу чымазаҩ дыҟаӡам.
Краснодар аҿкы рыдбалоуп 41-ы, Шәача- 22-ы, Новороссиск-20-ҩык, Тҟәаԥстәи араион-17-ҩык.
Иахьатәи амш азы ахәшәтәра иахысуеит 173-ҩык, амбулатортә хәшәтәра иахысуеит 2018-ҩык, COVID-19 рыманы аҩны иҟоуп 1440-ҩык. Уахыки-ҽнаки рыла ргәы бзиахахьеит 112-ҩык апациентцәа.
Апандемиа аамҭазы алабораториақәа рҿы имҩаԥыргахьеит 7 160 252 ҭҵаара, иаадырԥшхьеит 266 165 коронавирус хҭыс, 253 572-ҩык ргәы бзиахахьеит. Зынӡа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 10 980-ҩык.