Аԥсны

Леванти Гыцба "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп

Аҳәынҭқарратә ҳамҭа анашьаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Аԥсуа шәҟәыҩҩы Леванти Гыцба "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы, ауаажәларра-политикатә усура гәацԥыхәарала аҽалархәразы "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьазааит Леванти Борис-иԥа Гыцба",- аҳәоит Атәыла ахада иусԥҟа.

Леванти Гыцба-аԥсуа шәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рхеилаки Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Р-Ассоциациеи рлахәыла. Алитература аҿиараҟны илшамҭақәа рнаҩс, Гыцба амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара активла далахәын. Иара дыруаӡәкуп 1977 шықәсазы "130-ҩык рышәҟәы" инапы аҵазҩыз, 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Бзыԥҭатәии Гәымсҭатәии рфронтқәа рҟны комиссарс дыҟан.
2000 шықәсазы Леванти Гыцба ианашьан Леон Иорден.