Аԥсны

Аҳазалхратә ԥарашәарақәа рзы аплан нагӡоуп 108% рыла ԥхынгәымзазы

Ҳазҭоу ашықәс бжьымзтәи алпан нагӡоуп 128% рыла, иацҵан инагӡоу аицҵалыҵ 355,5 миллион мааҭ иартәеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. 2022 ԥхынгәымзазы аҳазалхратә шәарақәа идыртәеит 259,4 млн мааҭ планла иарбаз 239,3 млн мааҭ рҭыԥан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
Ари аамҭазы аплан нагӡоуп 108% рыла. 2021 шықәса рзы абри аамҭа иаҿырԥшны иугозар, уажәы аԥарашәарақәа 7,1 миллион мааҭ рыла еиҳахеит.
2022 шықәса бжьымз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь аҳазалхратә усбарҭақәа рыла иалагалоуп 1 млрд 6 млн мааҭ. Ҵыԥхтәи ари аамҭатәи арбагақәа иаҿурԥшуазар аԥарашәарақәа 183,4 миллион мааҭ рыла еиҳахеит.