Аԥсны

Аԥсны аминистрцәа 2022 шықәсазтәи абиуџьет азы азакәан аиҭакрақәа алагалара иазыразхеит

2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа рзакәан уаанӡатәи аредакциаҟны 9,43 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәырӷәӷәан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаара "2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан аиҭакрақәа ралагалараз" азакәан апроект иазыразхеит. Ақәҵара кьыԥхьуп Аиҳабыра реилазаара асаит аҟны.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны ареспубликатә биуџьет шьақәырӷәӷәоуп 9,763 миллиард мааҭ ҳәа.
Аилыркаагатә шәҟәы инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп 350 миллион мааҭ алагалацҵақәа. Урҭ рҟынтәи:
Аԥсны ахархәара змоу атауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа рзы ашәахтәцҵа - 166 миллион мааҭ;
Аԥсны иаларгало атауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа рзы ашәахтәцҵа –104,9 миллион мааҭ;
Адәныҟаекономикатә усурақәа рҟынтә ахашәалақәа– 22,09 миллион мааҭ;
Аҳәынҭбаџь – 22,02 миллион мааҭ;
Аҳәынҭқарратә хатәтәра амазара ахархәараҟынтә ахашәалақәа – 300 нызқь мааҭ;
Иматериалтәуи иматериалтәыми активқәа рыҭираҟынтә ахашәала– миллион мааҭ;
Аԥсабаратә ресурсқәа рхархәараз ашәарақәа – 10,5 миллион мааҭ;
Административтә шәарақәеи аизгақәеи– 7,2 миллион мааҭ;
Ахараԥсақәа, асанкциақәа, аԥхасҭа ахәхшәаара– 15, 9 миллион мааҭ;
Аԥсны арезидентцәа рҟынтәи алагалақәа– 1,3 миллион мааҭ.
Абиуџьет алагалақәа иреиуоуп урыстәылатәи афинанстә цхыраара: 4,1 миллион – Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз; 1,35 миллиард мааҭ 2020-2022 шықәсатәи Аинвистициақәа рзы; 200 миллион мааҭ - " 2022-2025 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма" азы.
Ареспубликатә биуџьет аныхрақәа - 10,9 миллиард мааҭ. Абиуџьет адефицит - 1,187 миллиард мааҭ.