Аԥсны

Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа

Ашахмат азы афестиваль "Аԥсны Open" иалахәхоит шәҩык рҟынӡа аспортсменцәа Аԥсны, Ростов-на-Дону, Москва, Санкт-Петербург, Краснодар, Шәача рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа, Карпов ихьӡ зху азал аҿы нанҳәа 2 азы.

"Абхазия Open" х-туркны имҩаԥгахоит. 8-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара, иара убас ақәратә ԥкра змам атурнир мҩаԥгахоит иахьа, асааҭ фба рзы", - иҳәеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Оҭар Хәырхәмал.

"Аԥсны Open" иаҭааит Урыстәыла еизгоу акоманда алахәылацәа аӡәырҩы иҳәеит иара.
"Аицлабрақәа мҩаԥгахоит швеицариатәи асистемала, ахәыҷқәа реиԥылара быжь-туркны еиҿкаахоит, адуцәа – жә-туркны. Аицлабра мҩаԥысуеит жәымш рыҩнуҵҟа", - иҳәеит "Абхазия Open" аӡбаҩ хада.
1 / 6

Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа

2 / 6

Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа

3 / 6

Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа

4 / 6

Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа

5 / 6

Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа

6 / 6

Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа

Алахәылацәа иреиҵыбӡоу 6 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабӡоу - 86 шықәса. Иаиааиуа иранашьахоит ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа. "Аԥсны Open" иалахәхоит шәҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
Ашахмат азы афестиваль мҩаԥыргоижьҭеи иара рҽаладырхәхьеит еицырдыруа Урыстәылатәи аспорсменцәа, дара иахьа еизгоу акоманда иалоуп. 2007 шықәсазы афестиваль иалахәын 325-ҩык ашахматасыҩцәа.
Ашахматтә еицлабра аԥҟарала аицлабрақәа ирылахәхар ҟалоит изҭаху зегьы. Атурнир мҩаԥысуеит ФИДЕ аԥҟарақәа рыла, швеицариатәи асистемала 9 туркны.
Аԥсны
Ашахмат азы афестиваль "Аԥсны Open" нанҳәамзазы Аҟәа имҩаԥгахоит