Мызкы инацны иҵуеит аҳҭнықалақь амшын аԥшаҳәаҿы Аҟәатәи абаа иахьаҵанакуа ажрақәа мҩаԥысуеижьҭеи.Раԥхьа урҭ Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа аԥхынтәи рыпрактика аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан, анаҩс аԥсуа археологцәа ҿарацәеи аволонтиорцәеи рҽадыркылеит. Абаа аҵакыраҿы ирԥшаахьеит зыхгәыцә хәыҷу абзарбзан ианаало ахылҳәақәа 100 цырак инареиҳаны, акыцлых, аҭырқәа ҭаҭынжәгақәа, убасгьы XIX ашәышықәса иаҵанакуаабзарбзанқәа ҩба рбахьеит. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа иажәақәа рыла Аҟәатәи абаагәара макьаназы абжеиҳара ҭҵааӡам. Аԥхьаҟа ауаа ирбартә еиԥш уи адгьылҵакыраҟны иаарту амузеи еиҿкаахар, абзарбзанқәа уа ирҭыԥхон.
"Аҟәатәи абаагәараҟны абаҳа ыҵаҵаны иаауырҳәыр, артефакт уԥылоит. Абраҟа ҩ-нызқь шықәса раԥхьа аԥсҭазаара шьақәгылеит Диоскуриада ҳәа изышьҭоу ақалақь аҟны. Убри инаркны ҳаибашьра ( Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993шш – азгәаҭа) ҟалаанӡа, араҟа аԥсҭазаара еилашуан. Араҟа иаарԥшуп ауахәамақәа ҩба. Актәи ауахәама ҳера ҟалаанӡа 500 шықәсазы, аҩбатәи афбатәи ашәышықәсазы иргылан. Хымԥада, Аҟәатәи абаагәара аҵакыраҿы аԥшаахқәа есымша иаҳзыԥшуп, ҳара иҳалшозар", - иҳәеит Габелиа.
Аҭоурых-архитектуратә баҟа "Аҟәатәи абаа" - иуникалтәу ҭоурыхтә баҟоуп, уаҟа иҟоуп еиуеиԥшым акультуратә ҿыгҳарақәа – ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа VI ашәышықәса инаркни ҳера XX ашәышықәсанӡеи ирыҵаркуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.