АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьа иалнаршоит транзиттә хабны аҟалара, аха уи алшара ахархәараз атранспорттә инфраструктура еиҭашьақәыргылатәуп. Абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу аҭо.
"Амшын баӷәазақәа ҳамоуп, урҭ рылшарақәа думзаргьы аамҭеи аҭаххареи идыриашар ҟалоит. Аԥсны иалсуеит аихамҩа. Аремонт ахьазутәу ыҟоуп аха уигьы аҭыԥ ақәҵара алшоит. Қырҭтәыла, Ермантәыла, Иран, Азербаиџьан рахь уагар алшоит автомабилтә мҩа. Алогистика акыр иманшәалоуп", - иҳәеит иара.
Ахада иазгәеиҭеит, Урыстәыла аекономикатә санкциақәа анаду аамҭазы, амҩеихшарҭа ҿыцқәа рыԥшаара азҵаара еиҳагьы актуалра шамоу, аха уи ахарџь рацәа аҭахуп.
"Ҳара ҳазыхиоуп абри ахырхарҭала аусура. Урыстәылатәи абизнесгьы аинтерес аанарԥшхьеит. Иҟоуп ҳхала иҟаҳҵаз ашьаҿақәагьы: амшынбаӷәазаҿ аусура иалагараны иҟоуп аҭратә ҭыԥ. Уи ргылан аԥсуа бизнесуаа рымчала. Издыруеит урҭ атауарқәа рымҩангаразы аҿаҵақәа шроухьоу", - иҳәеит иара.
Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны иамоу алшарақәа рырҭбаара алшоит иҳәеит ахада.