Аԥсны

Аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Валериан Кәабахьиа ибаҟа аартын Аҟәа

Валериан Кәабахьиа – аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Аԥснытәи АССР араионтә Совет анагӡаратә еилакы ахантәаҩы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Аԥснытәи АССР араионтә Совет анагӡаратә еилакы ахантәаҩы Валериан Кәабахьиа ибаҟа аадыртит Аҟәа нанҳәа 3 рзы.
Абаҟа аартра иалахәын Валериан Кәабахьиа иуацәа-иҭынхацәа, аус ицызуаз, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра, Жәлар реизара адепутатцәа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа, аҳҭнықалақь анапхареи, ауаажәларреи.
Иқәгылоз зегьы ирҳәон Валериан Кәабахьиа напхгаҩык иаҳасабала иҟазшьа зеиԥшраз, имариамыз асоветтә аамҭақәа рзы аԥсуаа ринтересқәа рыхьчараҿы илагала, ихьӡ аҭоурых ишану азгәарҭеит.
Валериан Кәабахьиа иҷкәын, Беслан Кәабахьиа иаб ибаҟа аартра злагала алоу зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Саб 30 шықәса раԥхьа, нанҳәа 28 1992 шықәсазы, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага мчыбжьқәак рнаҩс иԥсҭазаара далҵит. 63 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аԥсны аиҳабыреи анапхгареи ихьӡ анаӡаӡатәраз акомиссиа ахьаԥырҵаз иҭабуп ҳәа расҳәоит. Хаҭала иҭабуп ҳәа иасҳәоит Беслан Фиодор-иԥа Ешба, абаҟа аргыларазы аҭыԥ аԥшаара дахьацхрааз", - иҳәеит иара.

Беслан Кәабахьиа иара убас иҭабуп ҳәа еиҳәеит абаҟа автор, аскульптор Георги Потоцкои.
"Иманшәалахеит ҳәа ҳахәаԥшуеит", - иҳәеит иара.
1 / 3

Аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Валериан Кәабахьиа ибаҟа аартын Аҟәа

2 / 3

Аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Валериан Кәабахьиа ибаҟа аартын Аҟәа

3 / 3

Аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩ Валериан Кәабахьиа ибаҟа аартын Аҟәа

Хәажәкыра 17 рзы имҩаԥысит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа реилатәараҿы ирыдыркылеит уаанӡатәи Аминистрцәа Рсовет ахьыҟаз ахыбра аҿаԥхьатәи абаҳчахәыҷ (Аидгылара амҩа) Валериан Кәабахьиа ихьӡ ахызарц.
Аҟәа Валериан Кобахьиа ихьӡ зху абаҳчахәыҷ ҟалоит
Валериан Кәабахьиа – аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ. 1958 шықәса раахыс Аԥснытәи АССР араионтә Совет анагӡаратә еилакы ахантәаҩыс дыҟан, 1962 шықәса рынахыс – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Гәдоуҭатәи араионтә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ.
1965 – 1975 шықәсқәа рзы – Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ, 1975- 1978 шықәсқәа рзы – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ. 1978-1990 шықәсқәа рзы – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы. Нанҳәа 25, 1990 шықәсазы Апарламент аиҳабык иҳасабала инапы аҵеиҩит Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азы Адекларациа.
Кәабахьиа иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 28, 1992 шықәсазы.