Аԥсны

Атәыла ахада: Аԥсни ДЖәР-и ЛЖәР-и рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа аус адулара иаҿуп

Аԥсны Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит 2022 шықәса жәабран 25 азы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аԥсни Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа аус рыдулара мҩаԥысуеит, абри атәы иҳәеит телеграм-канал Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу азҭаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Адокумент амҽхак ҭбаауп, реиҳарак Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрақәа иреиԥшуп. Иахьазы уа иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩра ҳахыццакуам. Сгәы иаанагоит, хара имгакәа аҭынч аамҭа ҟалап ҳәа, усҟан ашәҟәқәа зегьы ҳнапы рыҵаҳаҩуеит", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иҳәеит урҭ реиҳара аекономикатә усеицура, ашәарҭадара аиҿкаара, акультуреи егьырҭ ахырхарҭақәеи рҿы аусеицура рызҵаарақәа ишрызку.
Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа Украина ишадҵуазы аҳәамҭа ҟаҵан 2014 шықәсазы. Урыстәыла Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рхьыԥшымра 2022 шықәса жәабран 21 азы иазханаҵеит, Аԥсны – жәабран 25 рзы, анаҩс - Шьамтәыла.
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны Урыстәыла Донбасс ахьчараз имҩаԥнаго аоперациа изадгылаз