Аԥсны

Бжьаниа: аҳаирбаӷәаза – Аԥсны азы акрызҵазкуа зҵаароуп

Урыстәылатәи аинвестор далахәны Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгараз ауснагӡатәқәа нап ддыркит 2018 шықәсазы, ахарџьнҵа аус адырулоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аҳаирбаӷәаза – Аԥсны аекономика аҿиаразы акрызҵазкуа зҵаароуп, абри атәы иҳәеит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу аҭо.
"Аҳаирбаӷәаза аекономикатә роль мацара акәӡам инанагӡо. Иара ҳара ҳзы раԥхьа иргыланы аԥсихологиатә, аморалтә ҟазшьа амоуп. Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара аҭыӡқәа ракәӡам, ацҳақәа роуп иаҭаху. Аҟәеи Москвеи рыбжьара аҳауатә цҳа - хымԥада иахәҭоу акакәны иҟоуп", – иҳәеит ахада.
Ари азҵаара маншәалан ицоит, апроект аиқәыршәара иаҿуп иҳәеит ахада.
"2024 шықәсазы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аусура аларгареи азгәаҭоуп. Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны етап-етапла аусурақәа еиҿкаахоит. Актәи аетап аҿы иарбоуп 10 000 метрԥшьыркца иҟоу акомплекс", - иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада игәаанагарала, аҳаирбаӷәаза Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы аҟазаара, уи араион аҿиара иахәоит.
"Абаӷәаза ахьыҟоу ҭыԥ маншәалоуп. Цәаҳәак акыр иаууп, ҩ-ганкла ахархәара алшоит. Аҳауатә ҭагылазаашьақәа рыла абаӷәаза шамахамзар иаркхом", - азгәеиҭеит Бжьаниа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа. Иара аусура аиҭаларгараз ауснагӡатәқәа нап ддыркит 2018 шықәсазы.
Аԥсны
Аекономика аминистрреи аинвестори Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәырылара иалацәажәеит