Аԥсны

Бжьаниа иҳәеит Аԥсны Урыстәыла Донбасс ахьчараз имҩаԥнаго аоперациа изадгылаз

Донбасс ареспубликақәа рхадацәа иҟарҵаз аҳәарала Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина аоперациа ҷыда дшалаго атәы иҳәеит жәабран 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу аҭо иҳәеит, Донбас ахьчараз Урыстәыла имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда Аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа шалахәу.
"Избанзар арҭ апроцессқәа хацзыркыз ахара иԥшуа ахықәкқәа рымоуп, ирҭахуп урыстәылатәи аҳәынҭқарра аихшара, аилырбгара, даҽакалагьы ахәшьара узаҭом, еилкаашьагь амам аблок НАТО есышықәса Урыстәыла аҳәаақәа аҽрыдхалара иахьаҿу", - иҳәеит Бжьаниа.
Абри азы ауп аԥсуаа Донбасс ахьчараз рнеира ҵаҵӷәыс иамоу иҳәеит ахада.
"Абарҭ аамҭақәа зегьы Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала инеины еибашьуеит ҳтәылауаа, ҳара арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҳҵеит, ауааԥсыра иҳалшо ала ҳрыцхраауеит. Шә-ҩык инреиҳаны Аԥсны иҟоуп, урҭ ахьынхо сыԥшәмаԥҳәыси сареи ҳарҭааит. Ҳара еснагь Донбасс ауааԥсыра ацхыраара раҳҭалоит, избанзар ааигәаӡа ҳаргьы абри аҩыза аҭагылазаашьа ҳҭагылан", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аԥсны ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымрақәа азханаҵеит