АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп нанҳәа 11 рҟынӡа..
"Урыстәыла аҳаирбаӷәазақәа 11 рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп нанҳәа 11 аҟынӡа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста. Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируеит.
Аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 аахыс.