АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аконституциатә ӡбарҭа Апарламент ахь иархынҳәит аҳәынҭдача "Пицунда" азы азыҳәеи амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭреи.
Аконституциатә ӡбарҭа Аппарат анапхгаҩы и.н. аконституциатә иурисдикциа дазхьаԥшны иазгәаҭарала, азыҳәа ҟазҵаз Азакәанеидкыла инақәыршәаны иқәыргылоу азҵааразы ипозициа азгәеиҭароуп, азинтә ҵаҵӷәгьы аиҭароуп. Апарламент азыҳәаҿ иарбам Аԥсны Аконституциа иаҿагыло аԥҟарақәа.
Азыҳәа ҟазҵаз хымш рыҩнуҵҟа азин имоуп азыҳәа архынҳәра дахашшаарц, иара убасгьы еиқәыԥхьаӡо агхақәа риашаны азыҳәа Аконституциатә ӡбарҭахь аиҭанашьҭра.
Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы.