АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны "Аҳазалхратә ахәԥҵәа азы" азакәан ҿыц аус адырулоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
"Уажәы Аекономика аминистрраҿы аусутә гәыԥ аԥҵоуп "Аҳазалхратә ахәԥҵәа азы" азакәан ахаҭа аус адуларазы. Аамҭа цацыԥхьаӡа иааҳакәыршан зегь рҽеиҭаркуеит, уи уақәшәо аусура еиҿкаалатәуп. Макьаназ ахәԥҵәақәа реиҭакра ҳалацәажәом. Ҳазлацәажәо иахьазы иҟоу, урҭ рхыԥхьаӡалара, аҳазалхратә шәарақәа рымҩаԥгашьа апроцедура ауп". - иҳәеит иара.
Аԥсны иахьазы аус зуа "Аҳазалхратә ахәԥҵәа азы" азакәан Апарламент аҿы 2000 шықәсазы ирыдыркылеит.