Аԥсны

Аԥсны еизгоу акоманда арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 иалахәхоит

Арратә еиндаҭларақәа мҩаԥыслоит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа 12 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы. Аԥснытәи акоманда Урыстәылеи Венесуелеи рҿы иқәгылоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 ирылахәхоит. Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 13 - 27 рзы.
80-ҩык злахәыз акоманда Аҟәантәи аицлабрақәа рылахәхаразы амҩа иқәлеит.
Сынтәа атәылақәа рхаҭарнакцәа ирымоу арратә лшарақәа рнаҩс, иӡырыргоит ркультура, рҵас, рқьабз.
Хышықәсоуп Аԥсны АрМИ иалахәхоижьҭеи. Сынтәа акоманда 36 еицлабра рҟынтәи быжьба ирылахәхоит, Венесуела имҩаԥысуа аснаипертә цәаҳәагьы налаҵаны.
Арратә еиндаҭларақәа мҩаԥыслоит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа 12 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы. Зынӡа 37 тәыла алахәхоит.