Аԥсны

Аԥснытәии урыстәылатәии апрокурорцәа асеминарқәа еицымҩаԥыргеит Аҟәа

Ауснагӡатә мҩаԥысит Аԥсны Апрокуратура хадеи Урыстәыла Апрокуратура хадеи рыбжьара аусеицура Апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥснытәии урыстәылатәии апрокурорцәа асеминарқәеи астол гьыжьқәеи еицымҩаԥыргеит Аҟәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.
Асеминарқәа ртемақәа абас еиԥш иҟан: "Анаркотикатә маҭәашьарқәеи, аԥсихотроптәи анырра ӷәӷәа ҟазҵои амаҭәашьарқәеи, ишҳаму амаҭәашьарқәеи ирыдҳәало ацәгьоурақәа рыҭҵаараан апрокурортә хылаԥшра аиҿкаареи амҩаԥгареи, Урыстәылеи Аԥсни анаркотикҿагылара иазку рзакәанԥҵарақәа реиҿырԥшреи", "Анаплакыҩцәа рзинқәа рыхьчараз азакәанқәа рынагӡара апрокурортә хылаԥшра актуалтә зҵаарақәа".
Астол гьыжьқәа рҿы ирылацәажәон ашьаусеиҿкаараан ауаҩы изинқәа рыхьчареи, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара аусхк аҿы азакәанԥҵара ахылаԥшра аиҿкаареи.
Асеминарқәа рышьҭахь урыстәылатәи аделегациа Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба идикылеит.
Ауснагӡатә мҩаԥысит Аԥсны Апрокуратура хадеи Урыстәыла Апрокуратура хадеи рыбжьара аусеицура Апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.