Аиндаҭларатә комиссиа алахәылацәа ирзынашьҭу аусумҭақәа мызк аҩнуҵҟала ирыԥхьаны иҭырҵаауеит, наҟ-наҟтәи рлахьынҵагьы азгәарҭоит иҳәеит Ашәба.
"Ажанрқәа хԥа рыла иазгәаҭоуп - апоезиа, апроза, адраматургиа. Иазгәаҭатәуп, адраматургиа аганахьала, ахәыҷтәы литература мацара аҿы акәым, аԥсуа сахьаркыратә литература зегьы аҟны ахьысҳара шамоуп. Ԥахьатәи аицлабраҿы иҟан Валентин Коӷониа иусумҭа, уи зегьы еицҿакны иарҭеит. Адраматургиа ажанр ыҟамзар, егьырҭ рҟны аицлабра ыҟазар, ак аҟынтә егьы ахьтә ҳаиасны иаҳҭаӡом, уи аԥҟара азин ҳнаҭаӡом", - иҳәеит Ашәба.
Аиндаҭлара аԥҟарақәа рыла ирызхьаԥшхоит алитературатә критикцәа, алитературадырыҩцәа, аԥхьаҩцәа ргәаанагарақәа ҳәа иҳәеит Ашәба. Иаиааиз рыхьӡ ҳәахоит апоет иирамш аҽны – хәажәкыра 11 азы.
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә шьаҭаркын 2013 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала. Хышықәса рахь знык имҩаԥысуеит ауснагӡатә. Уажәазы аԥхьахә ранашьахоит 2019 -2021 шықәсқәа рзы икьыԥхьыз асахьаркыратә рҿиамҭақәа: апоезиа, апроза, адраматургиа рҿы. Алауреатцәа ах-жанырк рҿы иалыркаауеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.