АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара мап ацәкра ишәарҭоу ахылҿиақәа роур ҟалоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра рԥылараан.
"Ҳҭагылазаашьақәа усеиԥш иҟоуп – ҳара урыстәылатәи аган ахь иаҳҭахә еиҳа еиҳауп Урыстәыла анапхгара ҳара ҳахь иҟарҵо аҳәарақәа раасҭа. Иара убасгьы дара рыцхыраарала еиҳа апроблемақәа ҳаӡбоит", - иҳәеит ахада.
Пицундатәи аобиект 60 раԥхьа иргылан, иара убасҟан иаҭан иарку ҵакыра астатус.
"Сара сзы, Аԥсны атәылауаҩык иҳасабала аиқәшаҳаҭра шҵоуроу еилкаауп. Уи ус шакәу шәаргьы ишәсырдырырц сҽазысшәоит. Уи адача ада Урыстәыла шҭамхо идыру усуп, аха Урыстәыла ацхыраарада ҳара ҳтагылазаашьа уадаҩхоит. Абри ауп сумҭа напхгаран иамоу", - иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы. Адокумент асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырган аимак-аиҿакгьы ахылҿиааит ауааԥсыреи аполитикатә партиақәеи рыбжьара.
Нанҳәа 1 азы Аконституциатә ӡбарҭа Апарламент ахь иархынҳәит аҳәынҭдача "Пицунда" азы азыҳәеи амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭреи.
Аконституциатә ӡбарҭа Аппарат анапхгаҩы и.н. аконституциатә иурисдикциа дазхьаԥшны иазгәаҭарала, азыҳәа ҟазҵаз Азакәанеидкыла инақәыршәаны иқәыргылоу азҵааразы ипозициа азгәеиҭароуп, азинтә ҵаҵӷәгьы аиҭароуп. Апарламент азыҳәаҿ иарбам Аԥсны Аконституциа иаҿагыло аԥҟарақәа.